Шьалуа Папуашвили - Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны, Қырҭтәыла, Урыстәылаҟны аибашьра аҽаланамгаларц азыҳәан, аҩныҵҟатәигьы адәныҟатәигьы ақәыҕәҕәара ахгара ақәшәеит
«Украина аибашьра иалагеижьҭеи хышықәса анҵы, Қырҭтәыла аиҳабыра ргәы рҭынчны ақырҭуа жәлар рыблақәа ирхыԥшылар рылшоит, избанзар, ҳара ҳпринципқәеи ҳгәаанагарақәеи ҳамҧсахит. Убри азоуп сынтәа жьҭааразы ҳажәлар иҧшьынтәны ҳзалырхыз», – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
«Амилаҭтә интересқәа ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу принципуп, уи аҿы еилоуп ахьыҧшымреи асуверинитети рыхьчареи, атәыла аидҵареи, ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи. Ҳара имҩаҧааго адәныҟатәи аполитикаҿгьы амилаҭтә интересқәа ахадаратә ҵакы рымоуп. Амилаҭтә интереқәа рышьаҭалоуп ҳара Украина аибашьра иалагаанӡагьы, уажәгьы иҳадаҳкыло аӡбарақәа зегьы шҳадаҳкыло», – иҩит Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла Украина иажәылаанӡа Қырҭтәыла апарламент арезолиуциа аднакылан, аиҳабырақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵеит аескалациа рҽацәырыхьчарц.
Иара иажәақәа рыла, аибашьра ианалага ашьҭахь, Қырҭәтыла аиҳабыра аукраин жәлар адгылара ҕәҕәа рзаадырҧшит.
«Ҳара урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбоз жәларбжьаратәи аполитикатәи азинтәи документқәа зегьы ҳнапы рыҵааҩит. Урыстәыла иаҿагылаз жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра аҽазкрақәа зегьы иаҧаҳхит. Жәанызқьҩыла украинатәи ахҵәацәа ҳадаҳкылеит.
Аха, ақәыҕәҕәара шдуузгьы, Қырҭтәыла, Урыстәыла иаҿагыланы, ҩ-ганктәи асанкциақәа шьақәнамыргылеит, адгьылтәи аҳаиртәи аимадара ааннамкылеит, избанзар, уи Қырҭәтыла ашәарҭадареи аекономикеи ҧырхага ду рзаанагон.
Ҳара ҕәҕәала Украина ҳшадгылазгьы, Зеленски иадминистрациа аҟынтә иахәҭоу ашьаҿақәа ҳамбеит. Аибашьра ианалага инаркны мчыбжьык анҵы, Украина, Қырҭтәылантә рыцҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит. Зеленски ихаҭагьы, апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа алахәылацәа рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз иҳәеит „ақырҭуа жәлар Қырҭәтыла аиҳабыра раасҭа еиҕьуп» ҳәа. Украинатәи ачынуаа иаартны Қырҭтәыла аиҳабыра ирыбжьаргон Аҧсни Цхинвалтәи арегиони мчыла идырхынәҳырц.
Жәашықәса рыҩныҵҟа „астратегиатә ачҳара“ ааҳарҧшырц иҳабжьаргон, аха, иаалырҟьаны, Урыстәыла шәаҿагылароуп ҳәа ҳарҳәеит.
Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны, Қырҭтәыла, Урыстәылаҟны аибашьра аҽаламгаларц азыҳәан, аҩныҵҟатәигьы адәныҟатәигьы ақәыҕәҕәара ахгара ақәшәеит.
Уажәы акоуп исҳәар исылшо: ҳара ҳажәлар шҟәышу еснагь агәра ҳгон, еснагь амилаҭтә интересқәа ҳрызгәыкын, абри ауп ҳтәылазы ахырхарҭа иаша алхра ҳалзыршаз», – иҳәеит Папуашвили.