Шьалуа Папуашвили Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Шьалуа Папуашвили Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент.

Адырра ишану ала,  аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ирыбжьоу аҭоурыхтә аиҩызара ҕәҕәеи қәҿиарала аусеицуреи иалацәажәеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, аҩ-тәылак рҿы имҩаҧысуа аполитикатә хҭысқәагьы ирылацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылеит Мраҭашәараҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазку Шәамахьтәыла аҽазышәарақәеи Шәамахьтәылеи Америкеи ирыбжьарҵаз Астратегиатә партниорра иазку ахартиеи.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Америкеи, иара убас, Шәамахьтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа Америка ахада ҿыц Дональд Трамп ихьыҧшызаауеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара аҵакы.