Шьалуа Папуашвили - Саломе Зурабишвилии арадикалтә оппозициеи ицәажәоит, аха Қырҭтәыла ачаландар аныҟәара нанагӡоит
Саломе Зурабишвилии арадикалтә оппозициеи ицәажәоит, аха Қырҭтәыла ачаландар аныҟәара нанагӡоит (ала шуан, аҽы ҳәуан), ари ақырҭуа уаажәларра аекстремизм аҟынӡа анагара ауп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, аҭыԥ змоу апроцессқәа анапхгара рзыруеит аҳәаанырцә аҟынтә.
“Атәым политикцәа апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз аҿагыларатә уснагӡатәқәа рхы аладырхәит, урҭ Саломе Зурабишвилии арадикалтә оппозициаа рахь ааԥхьара ҟарҵон Маидан асценаринарыгӡарц. Ишәгәаласыршәар сҭа́хуп швециатәи аиҳабыра рхаҭарнак аҭынч ҭагылазаашьа шигәамԥхаз, Маидан амҩаԥгара иадҳәаланы қәырԥшык шыҟаиҵаз. Уи ашьҭахь аҭыԥ рыман афеиерверкқәа, Молотов икоктельқәа, аполициа рганахьала амчылара, апарламент ахыбра ақәлара. АРи зегьы зынагӡара рылымшаз Маидан асценари ауп”, – иҳәеит Папуашвили.