Шьалуа Папуашвили – Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ҳаналацәажәо иаҳхамшҭроуп Қырҭтәылаҟа даиаанӡа, фышықәса аҭакра шиқәызгьы, Еврокомиссиеи Европарламенти ахаҭарнакцәа дшырҧылоз
«Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ҳаланацәажәо, иаҳхамшҭоуп маӡала Қырҭәтылаҟа иаара украинатәи арратә ҧшыхәарала ишеиҿкааз», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылаҟа даиаанӡа, мышқәак раҧхьа, иара Бриуссель Еврокомиссиеи Европарламенти рхаҭарнакцәа дырҧылеит.
«Усҟан иара фышықәса аҭакра иқәырҵахьан, Гиргвлиани ишьреи Гелашвили иҧҟареи аусқәа рзы», — иҩит Папуашвили.