Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит
Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит

«Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, абри ауп атәыла Аконституциеи жәларжьаратәи азини шьаҭас ирымоу.

«Аоппозициаа аҵыхәтәантәи ақәҧара шымҩаҧырго аабоит. Рыҕба шӡааҟәрыло рбоит, дара шықәсыкибжьаки астатус аиураҿы иаҳҧырхагахарц азыҳәан ирылшоз зегьы ҟарҵон. Ари аҕба ӡааҟәрылоит, рыхәҭак аҕба иҭыҵны рхы еиқәдырхар рҭахуп, егьырҭ ари апроцесс аҧырхагахара рҽазыркит.

Ҳәарада, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит.  Абри ауп атәыла Аконституциеи жәларжьаратәи зини шьаҭас ирымоу. Абри азнеишьа иақәшаҳаҭым ауаа зегьы урыстәылатәи астиль иақәныҟәоит. Дара атәыла ҳәа анырҳәо, аҳәынҭқарреи аиҳабыреи ракәымкәа, гәыҧқәак роуп излацәажәо.  Уи урыстәылатәи политикоуп, гәыҧқәак алхны атәыла аҳасабала ирылацәажәоит, абри ауп аоппозициаа рзы иҟазшьарбагоу», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.