Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили OSCE амаӡаныҟәгаҩ хада Феридун Синирлиоҕлу диҧылеит.
Апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла ари аиҿкаара ишалахәы азгәаҭаны, уажәазы иҟоу аусеицура ибзианы дахцәажәеит.
Феридун Синирлиоҕлу ишиҳәаз ала, OSCE Қырҭтәыла аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы ду ананашьоит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьеи, апарламент азакәанҧҵаратә усуреи, ҭагалан атәылаҿ имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәеи ирылацәажәеит.