Шьалуа Папуашвили – Михаил Ҟавелашвили Трамп иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы аниоуа ашьҭахь Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иџьоушьаратәы иҟоуп, ари аҳәамҭа хықәкыс иамаз сыздырӡом  
Шьалуа Папуашвили – Михаил Ҟавелашвили Трамп иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы аниоуа ашьҭахь Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иџьоушьаратәы иҟоуп, ари аҳәамҭа хықәкыс иамаз сыздырӡом  

Михаил Ҟавелашвили Трамп иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы аниоуа ашьҭахь Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иџьоушьаратәы иҟоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили ишиҳәаз ала, ари аҳәамҭа хықәкыс иамаз издырӡом.

„ Михаил Ҟавелашвили Трамп иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы аниоуа ашьҭахь Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иџьоушьаратәы иҟоуп. Дара рхаҭа ишырҳәаз еиҧш, ари ахҭыс мышқәак раҧхьа иҟалеит. Нас, Трамп адныҳәаларатә шәҟәы анааишьҭ ашьҭахь изцәырыргаз сзеилкаауам. Аиашаз, ари аҳәамҭа хықәкыс иамоу сыздырӡом“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иахьа Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа иануп:

«Биӡина  Иванишвили Трамп иадминистрациа ажәалагала азыӡырҩразы  ацҳаражәҳәаҩ Данниган лҧыларазы мап икит.  Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубио иҳәарала, ацҳаражәҳәаҩ  Данниган лаҵара 22 рзы Биӡина Иванишвили иҧыларазы аҳәара ҟалҵеит. Зыӡбахәы ҳәоу аиҧылараҿы ацҳаражәҳәаҩ   Қырҭтәыла аиҳабыра Америкаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы иҟарҵараны иҟоу аконкреттә шьаҿақәа дрылацәажәар акәын.  Қырҭтәыла аиҳабыра Америкеи америкауааи рҟны 33 шықәсатәи апартниорреи аиҩызареи азыхынҳәра гәыкала ирҭахуп ҳәа ҳгәыҕуеит»