Шьалуа Папуашвили  Макрони, Туски, Мерци иҟарҵаз аҳәамҭа ақырҭуа жәлари ақырҭуа ҳәынҭқарреи рганахьала ирҧхашьагоу ажәылара ахьӡиҵеит
Шьалуа Папуашвили  Макрони, Туски, Мерци иҟарҵаз аҳәамҭа ақырҭуа жәлари ақырҭуа ҳәынҭқарреи рганахьала ирҧхашьагоу ажәылара ахьӡиҵеит

«Ақырҭуа жәлари ақырҭуа ҳәынҭқарреи рзы рмилаҭтә ныҳәамш аҽны  ирҧхашьагоу ажәылара», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Шьалуа  Папуашвили Франциа ахада Еммануель  Макрони, Польша аҧыза-министр Дональд  Туски, Германтәыла аканцлер Фридрих  Мерци еицыҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

Макрони, Туски, Мерци Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы иҟарҵаз аҳәамҭа иануп: «Қырҭтәыла аиҳабыра аоппозициааи атәылауаҩратә уаажәларреи рҟны адиалог еиҭалагароуп, ақырҭуа жәлар атәыла европатәи ахырхарҭа иадҳәалоу алшарақәа рымхра ҟалом».