Шьалуа  Папуашвили – Ицо администрациа абри аҩыза аҳәамҭа аныҟарҵо, уи наҟ-наҟтәи администрациазы аконкреттә позициа аҧнаҵоит, ари апозициа бзиамзаргьы ауеит
Шьалуа  Папуашвили – Ицо администрациа абри аҩыза аҳәамҭа аныҟарҵо, уи наҟ-наҟтәи администрациазы аконкреттә позициа аҧнаҵоит, ари апозициа бзиамзаргьы ауеит

Администрациа амчра аҭара апроцессаҿ ианыҟоу, абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟаҵатәым ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, уи наҟ-наҟтәи ахада изы аконкреттә позициа аҧнаҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Метиу Миллер иҳәамҭа данахцәажәоз.

Папуашвили игәаанагарала, Америкаҟны астратегиатә партниорра Қырҭтәыла иззыҧшыз алҵшәа ахылымҵит.

Иацы Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  Метиу  Миллер иҳәеит: ««Ақырҭуа гәахәтәы» антидемократиатә шьаҿақәа Америкеи Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорра ахадаратә принципқәа еиларгеит, убри аҟынтә, Америка ари амеханизм ааннакылоит».