Шьалуа  Папуашвили – Иахьа рашәара 20-ауп, 2012 шықәса ашьҭахь Қырҭтәыла арадикализациа аплани, аструктуреи, аформеи анаарҧшыз мшуп
Шьалуа  Папуашвили – Иахьа рашәара 20-ауп, 2012 шықәса ашьҭахь Қырҭтәыла арадикализациа аплани, аструктуреи, аформеи анаарҧшыз мшуп

«Иахьа рашәара 20-ауп, 2012 шықәса ашьҭахь Қырҭтәыла арадикализациа аплани, аструктуреи, аформеи анаарҧшыз мшуп. Убри аҽны, акыршықәса  ирылагӡаны инагӡоз ацәымҕратә риторика иарааҧсаз активистцәа  Амилаҭтә ҵысра ареваншисттә политикцәа рыла адәахьы идәылган,  дара апарламент мчыла агара рыдырҵеит», — иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Папуашвили иажәақәа рыла, Страсбургтәи аӡбара ишьақәнарҕәҕәеит 2019 шықәса рашәара 20 рзы апарламент ахыбра мчыла агара аҽазкра шыҟаз.

«Рашәара  20 амораль зегьы иахьа адәахьы иаабо иашьашәалоуп,  ҳпротесттә традициақәа ретика иашьашәалам апсевдопротест амаразматикатә формақәа, абсолиуттә радикализациа, аекстремизм, акультуреи ацивилизациеи ратәамбара, абри зегьы иалагеит  2019 шықәса рашәара  20 рзы.

Қырҭтәыла атәылауаҩратә еибашьра иахысит. Иара убас, Акадифатә резолиуциа закәу ҳдыруеит, усҟан авантиуристцәа ҳтәыла зыриашара ҟамло азарал азаагеит. Аха, уезгьы, аманипулиаторцәеи ҧырхага аазго асубиектқәеи, уажәгьы ҳтәыла абри аҩызаҵәҟьа арыцҳара иҭадыргылар рҭахуп.

Избанзар, дара абанкротцәоуп, намыс рымам, ашьоуроуп изызхәыцуа, уи азыҳәан зегьы ҟарҵоит, дара имаҷуп, убри аҟынтә, агрессиала аиҳара ирықәыҕәҕәар рҭахуп. Дара, ахшыҩдарала атәым мчқәа ирхьынҳалоит, избанзар, ртәыла бзиа ирбом, дара иззықәҧо аҭыҧаҿ иҟалар, ҳтәыла зегьы дырбгоит», — иҧит Шьалуа Папуашвили.