Шьалуа Папуашвили – Иахьа инаркны, Қырҭтәыла, ажәлар ргәазыҳәареи, Аконституциеи, амилаҭтә интересқәеи зыхьчо ахада дыҟазаауеит
Иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ, Қырҭтәыла ахьыҧшымра ахьрылаҳәаз, ҳтәыла раҧхьатәи ахада ҭоуба ахьиуз Қырҭтәыла апарламент аҭоурыхтә зал аҿы Қырҭәтыла афбатәи ахада иинаугурациа мҩаҧысит, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иинаугурациа ацеремониаҿы данықәгылоз.
Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, иахьа инаркны, Қырҭтәыла Аконституциа аредакциа ҿыц амч аиуеит, апарламенттә республика шьақәгылоит, уи абзоурала, амчра аизшара апринципи ҳтәыла адемократиатә ашьаҭақәеи иаҳа иҕәҕәахоит.
«Иахьа инаркны, Қырҭтәыла, ажәлар ргәазыҳәареи, Аконституциеи, амилаҭтә интересқәеи зыхьчо ахада дыҟазаауеит! Ҳаҭыр зқәу Михаил Ҟавелашвили иаҳаҭыртә миссиа анагӡараҿы ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп» — иҳәеит апарламент ахантәаҩы.