Шьалуа  Папуашвили -  Иацы лабҿаба иаабеит акица шеиҿыркааз «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа,  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак «Амилаҭтә ҵысра» иалоуп
Шьалуа  Папуашвили -  Иацы лабҿаба иаабеит акица шеиҿыркааз «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа,  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак «Амилаҭтә ҵысра» иалоуп

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала,  иацы лабҿаба иубарҭахеит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иаҿагыло акциа еиҿызкааз

Папуашвишли ишазгәеиҭаз ала,  акциа еиҿыркааит аҵыхәтәаны атрибунашҟа ихалаз  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа. Апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, лабҿаба иубарҭахеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак «Амилаҭтә ҵысра» ишалоу.

«Азакәанпроект иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп – абарҭ акциақәеи,  акциақәа реиҿкааҩцәеи даҽазнык иаҳдырбеит ари азакәан адкылара шаҭаху. Ҳара атехникатә ганахьала арҭ акциақәа аҧара рзоузыжьҭыз ҳаздырӡом. Хара ҳауп акциа еиҿызкааз ҳәа зҳәаз иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара ахьынтәааргаз ҳаздырӡом.  Иацы лабҿаба иубарҭахеит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иаҿагыло акциа еиҿызкааз. Акциа еиҿыркааит аҵыхәтәаны атрибунашҟа ихалаз  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа. Лабҿаба иубарҭахеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак «Амилаҭтә ҵысра» ишалоу», — иҳәеит Папуашвили.