Шьалуа Папуашвили - Ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәарақәа реиҳара наҳагӡахьеит, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа 90% инаҳагӡоит, убри ала, Евроеидгыла алалара ҳазааигәахоит
Ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәарақәа реиҳара наҳагӡахьеит, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа 90% инаҳагӡоит, убри ала, Евроеидгыла алалара ҳазааигәахоит, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Еврокомиссиа арҭбаара адокумент аус аднаулеит, Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара арҭеит, абжьагарақәа ҳарҭеит, убри аҟынтә, атермин „евроинтеграциа аанкылара“ аинституциатә ҭагылазаашьа иазку аҳәамҭа акәымкәа, иаҳа аполитикатә ҳәамҭоуп.
„Аҵыхәтантәи аамҭазы лассы-лассы рхы иадырхәо атермин „евроинтеграциа аанкылара“ сазааҭгылар сҭахуп. Еврокомиссиа арҭбаара адокумент аус аднаулеит, Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара арҭеит, абжьагарақәа ҳарҭеит, убри аҟынтә, атермин „евроинтеграциа аанкылара“ аинституциатә ҭагылазаашьа иазку аҳәамҭа акәымкәа, иаҳа аполитикатә ҳәамҭоуп. Евроеидгыла Қырҭтәыла ахәшьара аҭара шынанагӡо еиҧшҵәҟьа, ҳаргьы Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу азҵаарақәа аус рыдулара наҳагӡоит. Абри ауп евроинтеграциа иаанаго. Уи аанкылам, уи рзааныркылом. Ҳақәҿиарақәа ари апроцессаҿ ак ҳдырҵеит, ҳара ибзианы еилаҳкааит евроинтеграциа акыраамҭалатәи алҵшәақәа ирызку аусура шакәа, иаразнак аполитикатә кониуктура ақәныҟәара акәымкәа.
Апарламенттә алхрақәа раан ҳуааҧсыра еилыкка алхра ҟарҵеит евроинтеграциа апроцесси, аоппозициаа ристерикатә политикеи, ақырҭуа жәлар ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны Ақырҭуа гәахәтәы имҩаҧырго аполитикеи рыбжьара. Ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәарақәа реиҳара наҳагӡахьеит, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа 90% инаҳагӡоит, убри ала, Евроеидгыла алалара ҳазааигәахоит
Ҳара арҭбаара адокумент цқьа иҭаҳҵаауеит, ақырҭуа фермерцәеи, ааглыхыҩцәеи, ҳуааҧсыреи ринтересқәа иахҧхьагәаҭаны наҟ-наҟ иҟаҳҵаша ҳаӡбоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, аусхкқәа зегьы ирыдҳәаланы, Еврокомиссиаҟны ҕәҕәара аусеицура иаҿын, ҳаҧхьаҟагьы, ари ахықәкы анагӡаразы, Евроеидгыла иашьашәалоу аинститутқәа аус рыцура ҳазыхиоуп“, – иҩит апарламент ахантәаҩы.