Шьалуа Папуашвили – Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа Иракли Хвадагиани асцена ирҭеит, Саакашвили ипропагандисти иекстремисттә идеиақәа рыдгылаҩи иаҳхысыз аиҭазхәыцра алацәажәаразы иааҧхьара еиҳау ацинизм иҟам
«Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа Иракли Хвадагиани асцена ирҭеит, Саакашвили ипропагандисти иекстремисттә идеиақәа рыдгылаҩи иаҳхысыз аиҭазхәыцра алацәажәаразы иааҧхьара еиҳау ацинизм иҟам», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, абри зегьы еиҿнакаауеит «Саакашвили ирежим ацәгьаурақәа зымбо» атәымтәылатәи ацҳаражәҳәарҭа.
«„Иаҳхысыз здыруа ауаа роуп аҧеиҧш змоу“, — ацҳаражәҳәарҭа Гумбольдт абарҭ иажәақәа еиҭарҳәан, Саакашвили ипартиа асиаҿы №8 Иракли Хвадагиани асцена ирҭеит. Саакашвили ипропагандисти иекстремисттә идеиақәа рыдгылаҩи иаҳхысыз аиҭазхәыцра алацәажәаразы иааҧхьара еиҳау ацинизм иҟам. Абри зегьы мҩаҧысуеит аамҭалатәи апарламенттә аусеилыргаратә комиссиаҿы ауаа изхысыз арыцҳара ду ҳаналацәажәо аамҭазы. Абри зегьы еиҿнакаауеит «Саакашвили ирежим ацәгьаурақәа зымбо» атәымтәылатәи ацҳаражәҳәарҭа», — иҩит Папуашвили.
Рашәара 15 рзы Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, дара атәылашҟа даарыҧхьеит аҭоурыхдырҩы, ГДР ахаантәи ахҭысқәа збаз Петер Коип. Ацҳаражҳәарҭа адыррақәа рыла, Коип Гории Қәҭешьии алекциақәа мҩаҧигеит. Ари аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит аҭоурыхдырҩы Иракли Хвадагианигьы.