Шьалуа Папуашвили – Евроинтеграциа аиқәшаҳаҭхара ахархәагазароуп, аҩныҵҟатәии анҭыҵтәии гәыҧқәак рҟынтә ақәыҕәҕәара иҟан, убри аҟынтә, иахьатәи аҳәамҭала рыбџьар рымхын
Ҳара лабҿаба иаабоит евроинтеграциа бџьарс рхы ишадырхәо. Евроинтеграциа аиқәшаҳаҭхара ахархәагазароуп, аҩныҵҟатәии анҭыҵтәии гәыҧқәак рҟынтә ақәыҕәҕәара иҟан, убри аҟынтә, иахьатәи аҳәамҭала рыбџьар рымхын, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы.
„Иахьатәи аҳәамҭала, абарҭ агәыҧқәа ҳуааҧсыра изларықәыҕәҕәо абџьар рымхын. Ҳара лабҿаба иаҳбеит аҵыхәнәтанәти аамҭазы абрахь иаауаз европатәи аполитикцәа евроинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара ацынхәрас ҳара ҳахь аҳәарақәа шықәдыргылоз, иҟаҳҵашаз ҳдырҵон. Аҭаацәаратә принципқәа ирызку азакәан иалацәажәоит, ари азакәан аартызаара иазку азакәан иадҳәалам. Аартызаара иазку азакәан евроинтеграциа апроцесс иадҳәалам. Ҳара евроинтеграциазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, 2027 шықәса анҵәамаҭанӡа иҟаҵатәу ҳдыруеит“, – иҳәеит Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, аҳәынҭқарра, ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡаразы иаҭаху ареформақәа зегьы ахатә харџьла имҩаҧнагоит.