Шьалуа Папуашвили - Атәым лаӷырӡқәеи напқәеи рыла афырхаҵара аазырԥшуа атәылақәа еилкаауп
Егьырҭ рылаӷырӡқәеи рнапқәеи рыла афырхаҵара аазырԥшуа атәылақәа еилкаауп, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭҭәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Украина ицо аибашьра иадҳәаланы CNN аиҭаз аинтервиу дахцәажәеит.
“Естониеи асанкциақәеи санахцәажәоз, исгәалашәеит: ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Украина ицо аибашьра иадҳәаланы CNN аиҭаз аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз ала, европатәи тәылак адәныҟатәи аусқәа рминистр иаиҳәеит украинаа даҽа шықәсык еибашьыроуп ҳәа.
Егьырҭ рылаӷырӡқәеи рнапқәеи рыла афырхаҵара аазырԥшуа атәылақәа еилкаауп”, – иҩит Папуашвили.