Шьалуа Папуашвили – Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭахь аҳәара ҟасҵоит 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы аҧара зырҭаз, насгьы шаҟа рырҭаз, иара убас, иахьагьы аҧара зырҭо, шаҟа рырҭо иазку аинформациа цәырыргарц
«Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭахь аҳәара ҟасҵоит 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы аҧара зырҭаз, насгьы шаҟа рырҭаз, иара убас, иахьагьы аҧара зырҭо, шаҟа рырҭо иазку аинформациа цәырыргарц», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Иара убас, апарламент ахантәаҩы, Британиа ацҳаражәҳәарҭа аҧара ззоунашьҭуа иазкны иарбанзаалак информациак здыруа ауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит.
«Британиа ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵаз аҳәамҭа ашьҭахь ишеилкаахаз ала, ари ацҳаражәҳәарҭа, аҭыҧантәи алхрақәа раҧыхра амзызла, апартиатә пропагандеи аполитикцәа-екстремистцәеи аҧара рзоушьҭра аҭахын, уи апропагандеи аексмтремизми аҧара рзоушьҭра раҧхьатәи аҽазкра акәӡам ҳәа ҳгәы иаанагоит. Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭахь аҳәара ҟасҵоит 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы аҧара зырҭаз, насгьы шаҟа рырҭаз, иара убас, иахьагьы аҧара зырҭо, шаҟа рырҭо иазку аинформациа цәырыргарц. Иара убас, Британиа ацҳаражәҳәарҭа аҧара ззоунашьҭуа иазкны иарбанзаалак информациак здыруа ауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит ари аинформациа сырҭарц», — иҩит Шьалуа Папуашвили.