Шьалуа Папуашвили  -  Балтиатәи 3 ҳәынҭқаррак Урыстәыла аҿагыларазы бџьарс иаҟазар рҭахуп  
Шьалуа Папуашвили  -  Балтиатәи 3 ҳәынҭқаррак Урыстәыла аҿагыларазы бџьарс иаҟазар рҭахуп  

Иахьа Евроеидгыла иалахәы ҧасатәи асоветтә республикақәа зегьы азакәантә напхгара рыхҳәара хықәкыс ирымоуп.  Балтиатәи 3 ҳәынҭқаррак Урыстәыла аҿагыларазы бџьарс иаҟазар рҭахуп – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

„Балтиатәи 3 тәылак Урыстәыла иацәшәоит. Ашәара иаҟәыҵны, рҽырҕәҕәаны, ирҭахызар иқәҧааит, аха, уи ацынхәрас, егьырҭ атәылақәа рхарџьла ринтересқәа рыхьчар рҭахуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, уаанӡа арҭ аусқәа ҟарҵон  USAID-и, NED-и, егьырҭ аиҿкаарақәеи. Уажәы  тәылақәак реиҳабырақәа ари апроцесс рҽаладырхәит, ҷыдала, ҧасатәи асоветтә республикақәа.

„Аоппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи  арҭ атәылақәа раҳҭнықалақьқәа рҿы  ианыҟаз, уаҟа асанкциақәа шьақәыргылан. Ҳәарада, Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аполицаицәа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи издырӡом. Уи алагьы иубарҭоуп ари асиа шеиқәыршәоу  естониатәи  анырра аҵаҟа иҟоу  „Жәларбжьаратәи алабҿабара“ ала, Естониа аиҳабыра рыдҵала, зыӡбахәы ҳәоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, Қырҭтәыла анапхгара ирҧырхагахарц азыҳәан,  еиуеиҧшым атәылақәа реиҳабырақәа рыдҵақәа нарыгӡоит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.