Шьалуа Папуашвили - Азербаиџьани азербаиџьан жәлари Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит
Азербаиџьани азербаиџьан жәлари Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит. Ари амш ҳара ҳзгьы аҵакы ду амоуп, избанзар Қырҭтәылеи Азербаиџьани ахьыҧшымра еицрылаҳәан, — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
«Азербаиџьани азербаиџьан жәлари Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит. Ари амш ҳара ҳзгьы аҵакы ду амоуп, избанзар Қырҭтәылеи Азербаиџьани ахьыҧшымра еицрылаҳәан. Усҟан Азербаиџьани Қырҭтәылеи апрогрессивтә тәылақәа ракәын. Избанзар, Азербаиџьан адемократиатә шьақәгылашьа зауз раҧхьатәи аҧсылмантә ҳәынҭқарран, Қырҭтәыла – апрогрессивтә социал-демократцәа амчра ахьроуз раҧхьатәи ҳәынҭқарран. Ҳабацәа уи аамҭазы ахьыԥшымразы имазеин, насгьы, анеҩс, 100 шықәса рышьҭахь, аҩбатәи ареспубликақәа зхылҵыз аҳәынҭқаррақәагьы шьақәдыргылеит, иахьатәи ҳхьыԥшымрагьы абри аҭынхоуп шьаҭас иамоу», — иҳәеит Папуашвили.
Лаҵара 28 — Азербаиџьан ахьыҧшымра мшуп. Амилаҭтә ныҳәа инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәарҭаҿы адкылара мҩаҧган. Егьырҭ асасцәа рыгәҭа уаҟа иҟан Қырҭтәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәагьы. Асасцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.