Шьалуа Папуашвили - Ари ақырҭуа жәлари урҭ рнапхгареи рганахьала имҩаԥысуа ажәылароуп, ари адкылашьа амам, кыраамҭа ҵуеит ари нагӡоижьҭеи
Ари ақырҭуа жәлари урҭ рнапхгареи рганахьала имҩаԥысуа ажәылароуп, ари адкылашьа амам, кыраамҭа ҵуеит ари нагӡоижьҭеи. Арҭ ҩтәылак рнапхгарақәа егьырҭ атәылақәа рыдҵала ақырҭуа жәлар рганахьала ажәылара мҩаԥыргоит,- иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папушвили абрифинг аҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи лиетуватәии естониатәи ажәларқәеи атрадициатә аиҩызара рыбжьоуп.
Қырҭтәыла аиҳабыра азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естониеи реиҳабырақәа ирыдыркылаз антиақырҭуа аӡбара иаҭанкы иашьашәалоу аӡбарақәа рыдыркыларц, аха абри еиԥш ашьаҿақәа рыҟаҵара иудыукылартә иҟоу шьаҿақәа роуп ҳәа ҳаԥхьаӡом. Иҳдаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, ҳара ганкалатәи аиҩызара арежим аҿы ҳаанхоит, ақырҭуааи, лиетувааи, естонааи ирыбжьоу аиҩызара ҳахьчарц азы.
Естониа иҵегьы 14-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Лиетувагьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭгьы дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Ари иаҭакны. иахьа Қырҭтәыла Аиҳабыра аладырҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аиҳабыра азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естониеи реиҳабырақәа ирыдыркылаз антиақырҭуа аӡбара иаҭанкы иашьашәалоу аӡбарақәа рыдыркыларц, аха абри еиԥш ашьаҿақәа рыҟаҵара иудыукылартә иҟоу шьаҿақәа роуп ҳәа рыԥхьаӡом.