Шьалуа Папуашвили - Амчыларатә протест аан ҳажәлар ргәазыҳәара хада ибжьаӡит - ҳажәлар ҳаҭырла, ҭынч, мышхәыбзазара мацарала Евроеидгыла алалара иадгылеит
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаҧысуа ахҭысқәа рфонаҿ, амчыларатә протест аан ҳажәлар ргәазыҳәара хада ибжьаӡит – ҳажәлар ҳаҭырла, ҭынч, мышхәыбзазара мацарала Евроеидгыла алалара иадгылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьатәи абрифинг аҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, „абри ажәанҵа алоуп ҳара имҩаҧааго адәныҟатәи аполитика аоппозициаа рыхшыҩдаратә, ацәанырра ҧаршеи зҵоу аполитика излеиҧшым“.
„Ҳара иҟаҳҵаз алхра збаз, ҳагәра згаз, иҳадгылаз ақырҭуа алхыҩцәа ҳрықәгәырҕьоит. Аоппозициаа рыдгылаҩцәа ҳиашара дҳарбар ҳҭахуп, избанзар, дара иалырхыз апартиақәа ҭакҧхықәрада, агәымхара шыҟарҵо рбар ҳҭахуп“ – иҳәеит Папуашвили.
Апаламент ахантәаҩы иҳәамҭала, ҭынч апротест аарҧшра азин еиқәыршәоуп, аполициа ақәҿыҭра аҟаҵара иалагоит амитинг алахәылацәа аполицаицәа ианрықәло ашьҭахь. Иара иажәақәа рыла, аполитикатә партиақәа роуп амчылара еиҿызкаауа.
„Убри аҟынтә, альтернатива заҵәык ауп иҟоу. Ауааҧсыра зегьы аҳәынҭқарратә аконституциатә аҳәаақәа ирзыхынҳәроуп, атәылауаа азарал рзаазго, изакәызаалак ҵакык змам аиҿагылареи агрессиеи мап ацәкны, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны рпартиатә усура иазыхынҳәроуп.
Аҭагылазаашьа иҭышәынтәалахаанӡа, ҳара абри иуадаҩӡоу аетап ҭынч ҳахысуеит. Уаанӡа, ишыжәдыруа еиҧш, ашықәс анҵәамҭанӡа, апарламент зҵакы дуу аҧхықәрақәак нанагӡароуп, абиуџьет шьақәҳарҕәҕәароуп, атәыла ахада ҿыц далҳхроуп, ҳара, шьаҿа-шьаҿала ари аплан наҳагӡоит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.