Шьалуа Папуашвили - Аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада атәыла ахада лыла авизит амҩаҧгара - аилагара шакәу
«Саломе Зурабишвили атәыла аҩныҵҟа аума, анҭыҵ аума, абзиара лзеиҕьазшьо аӡәыр дыҟазар, илыбжьаргар акәын лара Аконституциа еилалымгарц», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Саломе Зурабишвили лыла аиҳабыра рықәшаҳаҭрада ҳаҧхьаҟа авизитқәа рымҩаҧгара иазкны ианиазҵаа, Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Аконституциатә аӡбара аӡбақәҵа инақәыршәаны, ақәшаҳаҭрада аныҟәара хазхаҭалатәи ныҟәароуп, уи азыҳәан ҭеҭрикгьы аныхра ҟалом.
«Азинтә ахәҭа ҳахәаҧшыр, уи апарламент акомпетенциақәа ирыҵанакәам. Аха, Аконституциатә аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада авизит амҩаҧгара – аилагара шакәу, абри аҩыза авизит аофициалтә ма аусуратә ҟазшьа заиуам. Убри аҟынтә, абри аҩыза аныҟәара иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы лхаҭа ихылҩароуп. Абри аҩыза авизитаз иныху ҭеҭри цыҧхьаӡа закәандарала аҧара аныхра ауп иаанаго, ҳәарада, абри аҩыза аилагара еснагь иахәҭоу ақәҿыҭра аиуеит.
Саломе Зурабишвили атәыла аҩныҵҟа аума анҭыҵ аума, абзиара лзеиҕьазшьо аӡәыр дыҟазар, илыбжьаргар акәын лара Аконституциа еилалымгарц», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.