Шьалуа Папуашвили – Адәахьы хәыҷык ҭынчрахеит, агрессиатә гәыҧқәа реиҳара уаҳа ацәгьаурақәа рзыҟаҵом, зегьы ақырҭуа жәлар ралхра рыдыркылароуп, избанзар, ари алхра аиашара ашьаҭала иҟаҵоуп
Шьалуа Папуашвили – Адәахьы хәыҷык ҭынчрахеит, агрессиатә гәыҧқәа реиҳара уаҳа ацәгьаурақәа рзыҟаҵом, зегьы ақырҭуа жәлар ралхра рыдыркылароуп, избанзар, ари алхра аиашара ашьаҭала иҟаҵоуп

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишаабо ала, акциақәа ҭынч имҩаҧусуеит, аполитикатә мчқәа еизыргаз агрессиатә әгыҧқәа арҭ акциақәа ирылахәым. Ишубарҭоу ала, ари апроцесс аполиткиатә ҳәаақәа ирзыхынҳәуеит», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала, иахьа атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара иазҿлымҳау ауаа Қырҭәтыла аҕацәа роуп.

«Аҭынчреи, аидгылареи, аполитикаҿы аконституциатә аҳәаақәа рықәныҟәареи зҭахым амчқәа шыҟоу ҳбоит. Иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп: иахьа аҭынчра иаҧырхагоу, атәылаҿы аилаҩынтәра аиҿкаара иазҿлымҳау ауаа Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари раҕацәа роуп. Акциақәа иалагеижьҭеи акрыҵуеит. Ҳара агәынамӡареи, апретензиақәеи, аҽҧныҳәақәеи ҳаҳаит. Ари аамҭа иалагӡаны, шьаҿа-шьаҿала, аҭакҟаҵара ҳҽазаҳкуан. Ҳара еснагь ираҳҳәон ҳтәылаҿ аҭынчратә протестқәеи адемонстрациақәеи ҧырхага шырмоуа, аха, аполицаицәа рықәлареи амассатә мчылареи иахәҭоу аҭак шроуа. Еиҭаҳҳәар ҳҭахуп изакәызаалак  Челиабинск шыҟам, Қырҭәтыла мацароуп иҟоу, уи аҳҭнықалақь Қарҭи Русҭавели имҩадуи иҟоуп.  Атәыла иалнахыз амҩа ианыланы ҧхьаҟацара нанагӡоит. Ҳара, шьаҿа-шьаҿала, ҳхықәкқәеи ҳаҳасабтәқәеи наҳагӡоит.  Ҳара, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рышьаҭала,  евроинтеграциа амҩа наҳагӡоит. Жьҭаара  26 рзы абри аҩыза алхрақәа мҩаҧган. Арҭ алхрақәа рҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» , абыжьқәа реиҳарала, аиааира агеит, ҳара  1 миллион 120 нызқь – 54% абыжьқәа ҳауит.

Ус акәӡам ишыҟоу ҳәа зҳәо ауаа амц рҳәоит. Дара ишаҵахаз агәрагара рцәыуадаҩуп. Арҭ амшқәа рзы адәахьы иаабо ахҭысқәа абри алабҿабара мап ацәкра ауп изыхҟьаз. Аиашаз, аӡәгьы даҵамхеит. Доусы ихәҭаз абыжьқәа иоуит. Зегьы рзинқәа хьчоуп. Зегьы ҭынч анхареи аполитикатә усура амҩаҧгареи алшара рымоуп. Қырҭәтыла аҕацәа мацароуп иаҵахаз. Дара ари атәылаҿы аҭынчреи, аҿиареи, апрогресси рҭахым.

Ҳаҕацәа, ишыҟазаалак, аиҭакрақәа мҩаҧыргар рҭахуп. Дара, аметодқәа зегыь рхы иархәаны,  закәанла иалху амилаҭтә напхгара рыхҳәара рҽазыркит. Ааи, ари ақәҧара уадаҩуп, аха, ари ақәҧараҿы ақырҭуа жәлар ҳадгылоит.  Апротест арадикалтә хәҭақәа акуба абылреи вуду-ритуалқәа рымҩаҧгареи аҟынӡагьы инеит. Урҭ реиҳара атәымуаа иреихырхәоит, дара рзы атәымуаҩ иажәа  —  иреиҳаӡоу аиашароуп. Абри алоуп ҳазлеиҧшым. Дара рзы рыҧшәма иҳәатәы ахаҵареи иеихырхәреи ауп зегьы реиҳа ихадоу, аха, ҳара ҳзы зегыь раҧхьа игылоуп ҳтәылеи, ҳмилаҭтә интересқәеи, ҳмилаҭтә принципқәеи. Абри ауп  «Ақырҭуа гәахәтәы» шьаҭас иамоу, ҳтәыла аҳәаанырцәынтә анапхгара азырур ҟалом, ҳара ахаангьы уи ҳақәшаҳаҭхом. Абри азҵаара хада иадҳәаланы Қырҭәтыла анапхгареи аҳәаанырцәынтә аҧапхгара ззыруа аоппозициааи изеиқәшаҳаҭхом», – иҳәеит  Папуашвили.

Папуашвили ишиҳәаз ала, зегьы ақырҭуа жәлар ралхра рыдыркылароуп, избанзар, ари алхра аиашара ашьаҭала иҟаҵоуп.

«Адәахьы хәыҷык ҭынчрахеит, агрессиатә гәыҧқәа реиҳара уаҳа ацәгьаурақәа рзыҟаҵом, зегьы ақырҭуа жәлар ралхра рыдыркылароуп, избанзар, ари алхра аиашара ашьаҭала иҟаҵоуп.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы даҽа ҽазкрак ҳбеит, уи аҵыхәтәантәи ҽазкрахап әҳа сгәыҕуеит: Қырҭтәыла иаҿагыло атәым политикцәа рвизитқәа роуп сызлацәажәо, дара, еиҭах, Русҭавели имҩаду ашҟа инеит. Дара хықәкык ауп ирымоу  — иҭынчхаз аҭагылазаашьа еиҭах идырцәгьар рҭахуп. Ҳара  90-тәи ашықәсқәа ҳхаагахьеит, аибашьра закәу ибзиаӡаны иаадыруеит. Ажәлар уи ргәалашәоит, убри азоуп изҳадгыло. Убри азоуп ҳара аҕәәҕара зааҳарҧшуа, ҳара иалҳхыз амҩа ҳаныҵуам. Акоуп сгәы иалоу,  акритика ҳзызуа, аха, гәыкала зыҧсадгьыл бзиа избо ауаа ҳазну амҩа рзеилымкаауазар ҟалап. Знымзар-зны ҳара зымаҵ аауа еилыркаап ҳәа сгәыҕуеит», – иҳәеит  Папуашвили.