Шьалуа Папуашвили -Аҳәаанырцә аҟынтә ақырҭуа демократиа акыдцаралара иаҟәыҵроуп, ақырҭуа жәлар алхрақәа раан иаадырԥшыз агәазыҳәара азхаҵара аамҭа ааит
Аҳәаанырцә аҟынтә ақырҭуа демократиа акыдцаралара иаҟәыҵроуп, ақырҭуа жәлар алхрақәа раан иаадырԥшыз агәазыҳәара азхаҵара аамҭа ааит, – иҳәеит абрифинг аҿы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, OSCE/ODIHR алкаа иабзоураны арадикалтә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, Саломе Зурабишвилии атәым реичырчаҩцәеи ирҳәоз амц иԥыхха ицеит, урҭ миллионҩык иреиҳаны атәылауаа абжьқәа ирымырхыр рҭахын
«OSCE/ODIHR алкаа ашьҭахь алхрақәа риашара иазку аспекулиациақәа зегьы ихыркәшароуп. Аоппозициаа, ақырҭуа жәлар рыӡбамҭа инақәыршәаны, ирыхәҭаз амандатқәа роуит. Аҳәаанырцә аҟынтә ақырҭуа демократиа акыдцаралара иаҟәыҵроуп, ақырҭуа жәлар алхрақәа раан иаадырԥшыз агәазыҳәара азхаҵара аамҭа ааит.
OSCE/ODIHR аделегациа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп алхрақәа ирызку алкаа аҟаҵаразы. Қырҭтәыла аиҳабары абжьагарақәа ҭҵааны, иашьҭанеиуа алхрақәа ишахәҭоу еиԥш рымҩаԥгаразы, OSCE/ODIHR рҟны аусеицура нарыгӡоит», — иҳәеит Папуашвили.