Шьалуа Папуашвили - 2022 шықәса жәабран 28 рзы Америка ацҳаражәҳәаҩ ишсалҳәаз еиԥш, ииашу аган алхразы аамҭа ааит, ари Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ралагаларала шьақәырӷәӷәатәын
2022 шықәса жәабран 28 рзы Америка ацҳаражәҳәаҩ апарламент ахан аҟны сылԥылеит. Лара ишсалҳәаз еиԥш, ииашу аган алхразы аамҭа ааит, ари – Урыстәыла азы асанкциақәа ралагаларала шьақәырӷәӷәатәын, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, иҳәамҭа Қырҭтәылеи Мраҭашәареи ирыбжьоу астратегиатә партниорреи уи иадҳәалоу агәыӷрақәа, агхақәа, агәкаҳарақәа ирызкуп.
Папуашвили излаиԥхьаӡо ала, усҟан, 2022 шықәса жәабран 25 рзы аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили “Қырҭтәыла Урыстәыла иазышьақәдргылаз афинанстәии аекономикатәии санкциақәа ирылахәхом” ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа атәылаз шхырҳагаз иахьа иубарҭоуп. Папуашвили иажәақәа рыла, 2022 шықәса жәабран 28 рзы Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан апарламент ахан аҟны сылԥылеит. Лара ишиалҳәаз еиԥш, ииашу аган алхразы аамҭа ааит, ари – Урыстәыла азы асанкциақәа ралагаларала шьақәырӷәӷәатәын.
Қырҭтәыла анапхгара ибзиаӡаны еилаҳкаауан:
Ҳара асанкциатә политика алхреи адкылареи апроцесс ҳалахәымызт. Убри аҟнытә, ҳара ҳмилаҭтә интересқәа ирԥырхагоз асанкциақәа рыдкылара ҳалшомызт; Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ралагалара Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу иаарту аиҿагылара иаҳа иарцәгьон. Ахԥатәи -арратә аескалациа ҟалар, уи ҳзаанагоит аԥхасҭеи аилаҳареи, ари Украина ишыҟалаз еиԥш.
Ишәарҭаз арегионалтә аимак алагамҭазгьы,ашәарҭа ду аныҟаз аамҭазы, Қырҭтәыла мраҭашәаратәи апартниорцәа рҟынтә адгылара азыԥшын. Аха ари ацынхәрас, џьоукы Урыстәылеи ҳареи аимак ҳабжьаларц рҭахын. Аибашьра аламҭалазы, Урыстәыла аҟынтәи иаауаз ашәарҭа хшыҩзышьҭра азуны, Мраҭашәара «астратегиатә чҳара» ааҳарԥшларц ааԥхьара ҟанаҵеит. Иреалыз ашәарҭаан, агәҽанызаара аарԥшра ацынхәрас, ихшыҩдоу аескалаҳа ҳалагар акәын. Астратегиатә алиансқәа пату рықәаҳҵоит, аха урҭ алахәылацәа рганахьала патуқәҵара аадырԥшыроуп. Иахьа, хышықәса рышьҭахь, ари аурок ибзаӡаны еилаҳкааит”, – иҩит Ппуашвили.