Серџьо Матарела - Қарҭи Рими жәларбжьаратәи аполитика иазкны рпозициақәа еиԥшуп - аибашьра аҿагылареи ҭынч аицынхареи
Серџьо Матарела - Қарҭи Рими жәларбжьаратәи аполитика иазкны рпозициақәа еиԥшуп - аибашьра аҿагылареи ҭынч аицынхареи

Италиа ахада Серџьо Матарела иажәақәа рыла, Қарҭи Рими жәларбжьаратәи аполитика иазкны рпозициақәа еиԥшуп.

“Қарҭи Рими жәларбжьаратәи аполитика иазкны рпозициақәа еиԥшуп – аибашьра аҿагылареи ҭынч аицынхареи, асуверенитет азхаҵареи. Ари афакт аҵак ду амоуп, избан акәзар, Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиала апроблема мчылатәи мҩала аҭыԥқәҵара ауп иаанаго. Ари ҟалеит 2008 шықәсазы Қырҭтәыла, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы”, -иҳәеит Матарела.

Италиа ахада ишазгәеиҭаз, Италиа Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзааре ирыдгылоит.