Сергеи Лаврови Иури Ушакови ЕАШ аҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Саудтәи Аравиа иаҭааит
Сергеи Лаврови Иури Ушакови ЕАШ аҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Саудтәи Аравиа иаҭааит

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушакови ЕАШ аделегациаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Саудтәи Аравиа иаҭааит.

Саудтә Аравишаҟа ддәықәлаанӡа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит америкатәи аган аҟынтәи аиԥылара иазку ажәалагала шроуз. Лавров иажәақәа рыла, аиԥылара алҵшәақәа иазку адыррақәа атәыла ахадацәа рызцәырыргои, уи ашьҭахь Владимир Путини Дональд Трампи иашьҭанеиуа ашьаҿақәа ирызку аӡбамҭақәа рыдыркылоит.

Саудтә Аравиша аҳҭнықалақь аҿы Урыстәылеи ЕАШ-и рделегациақәа реиԥылара жәабран 18 азы мҩаԥгахоит. ЕАШ аделегациа иалоуп амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа абжьагаҩ Маик Уолц, Ааигәа мрагылараҿ ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Стив Уиткофф.