Сергеи Лавров – Урыстәыла Владимир Зеленски дызлацәажәо  "аҭынчра аформула" ашьаҭала дарбанызаалак  аӡәы иацәажәара игәы иҭам, ишубарҭоу ала, Киев адиалог иазыхиам
Сергеи Лавров – Урыстәыла Владимир Зеленски дызлацәажәо  "аҭынчра аформула" ашьаҭала дарбанызаалак  аӡәы иацәажәара игәы иҭам, ишубарҭоу ала, Киев адиалог иазыхиам

 

«Урыстәыла Владимир Зеленски дызлацәажәо  “аҭынчра аформула” ашьаҭала дарбанызаалак  аӡәы иацәажәара агәы иҭам, ишубарҭоу ала, Киев адиалог иазыхиам», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Иара иажәақәа рыла, Украина ахада Мраҭашәара ацхыраарала Донбасси, Ҟрыми, Запорожтәи Херсонтәи атәылаҿацәқәеи рҟынтә урыстәылатәи арбџьармчқәа ралгара илшап ҳәа дгәыҕуеит.

Лавров ишиҳәаз ала, Москва ари аимак адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵара аидеиа мап ацәыркуам, аха, Украина уи иазыхиоу аполитикцәа иҟоу иҟаму аҳәара уадаҩуп.

«Арратә операциа ҷыда ианалагаҵәҟьа, Владимир Зеленски аиҿцәажәарақәа ралагара  аинициативала дықәгылеит.  Ҳара уи мап ацәаҳамкит, иара ихаҭарнакцәа рҧылара ҳақәшаҳаҭхеит.  Аиҿцәажәарақәа раан иубарҭахеит аҩ-ганк ирыдыркылаша аиқәшаҳаҭра адкылара шыҟалоз. Аха, арҭ аиҿцәажәарақәа рыла лабҿаба иубарҭахеит Зеленски зҵакы дуу аӡбарақәа  рыдкылара шилымшо. Мшаҧы азы, ари аибашьра анагӡара иазҿлымҳау англосаксцәа рыдҵала, иара  аиҿцәажәарақәа аанкыланы, иаалырҟьаны ипозициа ирџьбареит», — иҳәеит  Сергеи Лавров.