Сергеи Лавров - Қырҭтәыла Урыстәылаҟны агәыларатә еизыҟазаашьа бзиала анхара аҭахызар, Москва аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылараз ихиоуп
Сергеи Лавров - Қырҭтәыла Урыстәылаҟны агәыларатә еизыҟазаашьа бзиала анхара аҭахызар, Москва аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылараз ихиоуп

Мраҭашәаратәи ахылаԥшра азаанхарц азы, Қырҭтәыла “аурыс амаца ахәмарра” мап ацәнакуазар, аха Урыстәылаҟны агәыларатә еизыҟазаашьа бзиақәа аҭахызар, Москва аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азыхиоуп, – иҳәеит Урыстәылатәи афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Лавров иажәақәа рыла, шықәсыки бжаки раԥхьа Қырҭтәыла атәылауаа рзы Урыстәылахь авизадатәи режим алагалара рҭахын, аха Урыстәыла апарламенттә делегациа аганахьала Қарҭ аинцидент цәгьа аҭыԥ аман.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр излаиҳәаз ала, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа раԥыхра иахәамшыкуа, Москвеи Қарҭи азеиԥш интересқәа рымоуп. Лавров иажәақәа рыла, ари атәыла даара бзиа ибоит.

” Ҳара ахәаахәҭра ҳабжьоуп. Атуристцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Ҳажәлар Қырҭтәыла аҭаара бзиа ирбоит. Саргьы шәтәыла даара бзиа избоит,” – иҳәеит Лавров.