Сергеи Лавров – Мраҭашәаратә алидерцәа рҟынтә Трамп заҵәы иоуп иаартны изҳәаз  НАТО ашҟа Украина алалара аҽазкра  украинатәи акризис зхылҵыз амзызқәа ишреиу
Сергеи Лавров – Мраҭашәаратә алидерцәа рҟынтә Трамп заҵәы иоуп иаартны изҳәаз  НАТО ашҟа Украина алалара аҽазкра  украинатәи акризис зхылҵыз амзызқәа ишреиу

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭала, мраҭашәаратә алидерцәа рҟынтә Трамп заҵәы иоуп иаартны изҳәаз НАТО ашҟа Украина алалара аҽазкра  украинатәи акризис зхылҵыз амзызқәа ишреиу.

Сергеи Лавров иажәақәа рыла, Дональд Трамп ари азҵаара иадҳәаланы Урыстәыла апозициа еиликаауеит.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә Дума аҿы данықәгылоз.

«Уи ала иубарҭоуп иара ҳпозициа шеиликаауа. Ахада Путин аҭелтә аиҿцәажәараан даҽазнык иазгәеиҭеит ҳара ҳзы аамҭала аинышәара шакәым ихадоу,  избанзар, Украина, аханатә аҽеибыҭаны, еиҭах ҳтәыла иажәылар алшоит. Ҳара акыраамҭалатәи иҭышәынтәалоу аҭынчроуп иаҳҭаху, уи азыҳәан аимак зыхҟьаз амзызқәа зегьы иаҧыхтәуп», — иҳәеит  Сергеи Лавров.