Сербиа аԥыза-министр Милош Вучевич инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Сербиа аԥыза-министр Милош Вучевич инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Сербиа аԥыза-министр Милош Вучевич инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Аҿагыларатә акциақәа данрыхцәажәоз, Вучевич аганқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра шьақәдыргыларц, адиалог иалагарц.  Вучевич иажәақәа рыла, инапынҵақәа шьҭеиҵоит “Новый сад” ахада Милан Џьурич.

Миолш Вучевич иажәақәа рыла, аполитикцәа аҭакԥхықәра рхахьы агара рылшароуп, ауаажәларраҿ аибарххара маҷхароуп. Вучевич ишазгәеиҭаз ала, “ауаажәларра аиҟәыҭхара иазку аплан аҳәаанырцә ауп аус ахьадырулаз”.

Сербиа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеижьҭеи ҩымз ҵуеит. Акциақәа ақалақь Новый сад аихамҩатә ааҭгылараҿ иҟалаз арыцҳара ашьҭахь иалагеит. Уа абетонтә конструкциа аилаҳараан 15-ҩык ҭахеит.