Себастиан Молинеус – Иахьа Қырҭтәыла, аҳәынҭқарратә финансқәа анапхгара рыҭара асистема аганахьала, актәи аҭыҧ ааннакылоит
«Иахьа Қырҭтәыла, аҳәынҭқарратә финансқәа анапхгара рыҭара асистемеи 2016 шықәсатәи аметодологиа ахархәареи аганахьала актәи аҭыҧ ааннакылоит. Ҳәарада, ари қәҿиара дууп. Уи шьақәырҕәҕәоуп егьырҭ жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа рылагьы, иааҳҳәап, «Абиуџьет аартызаара аиндекс» аҿгьы Қырҭтәыла актәи аҭыҧаҿ игылоуп», — иҳәеит Аахыҵ Кавказаҿ Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеус.
Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ахарџьқәеи афинанстә аҳасабырбареи иазку аихшьаала аӡыргараҿы..
Иара иажәақәа рыла, наҟ-наҟ Қырҭтәыла абарҭ алҵшәақәа еиҕьнатәароуп, уи аҵакы ду амоуп.
«Қырҭтәыла ақәҿиарақәа санрыхәаҧшуа сгәы иаахәоит. 2018 шықәса инаркны апрогресс ду ҳбоит. 15 хырхарҭақәа рцынхәрас уажәшьҭа 27 хырхарҭақәа иреиҳаӡоу (А) акатегориа иаҵанакәеит. Зынӡа 31 хырхарҭа иҟоуп. Абри алҵшәа даараӡа ибзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Себастиан Молинеус.