Сақстат - Жәабран азы шықәсыктәи аинфлиациа 13,7 наӡына иаҟароуп
Сақстат - Жәабран азы шықәсыктәи аинфлиациа 13,7 наӡына иаҟароуп

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2022 шықәса жәабран азы, ҵыԥхтәи иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, Қырҭтәыла аинфлиациа 0,9% иаҟароуп, шықәсыктәи аинфлиациа 13,7 наӡына иаҟароуп.

Аинфлиациа арбагақәа рзы анырра ду аман ахәқәа рышьҭыҵра: афатәаалыҵи алкоголь злам арыжәтәқәеи рыхә иазҳаит 6,0 наӡынала. Иара убас, абарҭ агәыҧқәагьы рыхә ацлеит: ауҭраҭыхқәа (10.8%),  аминералтә ӡқәеи, алкоголь злам арыжәтәқәеи ашәырӡқәеи  (4,7 наӡына), ахәша (6.8%), ашьақари егьырҭ ахаатәқәеи (3.1%), азеҭ (3.0%), акаҳуеи, ачаи, акакаои  (2.7%), аҧсыӡ  (1.4%),  ача  (1.7%).

Иара убас, аахши, ашәи, акәтаҕьи  (-2.7 %) рыхә марриахеит.