Сақстат - Рашәаразы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит 253,5 лари рҟынӡа
Сақстат - Рашәаразы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит 253,5 лари рҟынӡа

Астaтистикaзы амилаҭтә биуро aдыррaқәa рылa, 2023 шықәса рашәаразы аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит.

Сақстат аҟынтә ишаарыцҳаз ала, лаҵаразы аусура зылшо ахацәа рзы ахныҟәгаратә минимум 253.7 лари иаҟаран, рашәаразы ари арбага 0.8 ҭеҭри рыла иазҳан, 253,5 лари иаҟарахеит.

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, 2023 шықәса лаҵара аҵкьыс, рашәаразы 0.7 ҭеҭри рыла иазҳаит абжьаратә ахныҟәгаратә минимум – 225.4 лари.

2021 шықәса инаркны, астатистикатә усурақәа рпрограмма ҿыц инақәыршәаны,  Амилаҭтә статистикатә маҵзура абарҭ арбагақәа рышьақәыргылара иазку  аусура мҩаҧнагом.  Амаҵзураҿы ишырҳәаз ала,   апланшьҭыхра аума, аӡбарақәа рыдкылара аан аума,  иашьашәалоу аструктурақәа зыӡбахәы ҳәоу аиндикатор  џьаргьы рхы иадырхәом.