Сақстат - Қырҭтәыла атуристтә визитқәа рхыԥхьаӡара 27,8% рыла иазҳаит
Астстистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациа ала, Қырҭтәыла иаҭааит 7,1 миллион атуристцәа, ари арбага 2022 шықәса аҵкыс 30,3% рыла еиҳауп.
«Сақстат» аинформациа ала, аҭааҩцәа реиҳара — 45,5% 31-50 шықәса рхыҵуан. Атәымтә визитерцәа трхыԥхьаӡара 6,2 миллионҩык иаҟаран – 74,5%, ари арбага 2022 шықәса аҵкыс 31,2% рыла еиҳауп.
Атәымтә визитерцәа 75,2% итуристцәан, аекскурсантцәа рхыԥхьаӡара 20,8% иаҟаран.
2023 шықәсазы Қырҭтәыла зегь реиҳа ирацәаны авизитерцәа иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациантә – 1,2 миллион ҩык (23,2%), Ҭырқәтәылантә – 21,4%, Шәамахьтәылантә – 13,5%», – иануп Сақстат аинформациа аҿы.