Сақстат - Қырҭтәла аекономика 10% рыла иазҳаит
Сақстат - Қырҭтәла аекономика 10% рыла иазҳаит

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациа ала, 2022 шықәса жәамз рзы Қырҭтәла аекономика 10% рыла иазҳаит.

Сақстат адыррақәа рыла, 2022 шықәса жьҭааразы, ҵыԥхтәи иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, аҩнуҵҟатәи азеиԥ аалыҵ 8% рыла иазҳаит.

Сақстат адыррақәа рыла,азҳара иубарҭоуп арҭ ахырхарҭақәа рҿы: аргылара, атранспорт, афымцалашара, ахәаахәҭра, асасааирҭақәеи аресторанқәеи, ҟазара, аиҭамҵмал,  аԥсшьара, ашьхаусуратә ааглыхра.