Сақстат - Евроеидгыла аметодологиала аԥхьаӡара ашьҭахь, ажьырныҳәазы аинфлиациа 9.3% иаҟаран
Астатистика амилаҭтә маҵзура 2022 шықәса инаркны аиндикатор ҿыц – ахархәаратә ахә агармонизациатә индекс аларҵәара алагеит. Ари аметодологиала, 2023 шықәса ажьырныҳәазы аинфлиациа 9.3% иаҟаран, ари амилаҭтә методологиала иԥхьаӡахз арбага аҵкыс 0.1% рыла имаҷуп.
Евроеидгыла HICP аметодологиала, хазы акомпонентқәа абас ала иԥхьаӡан: афатә аалыҵи арыжәтәқәеи – 14.4%%; алкогольтә рыжәтәқәеи аҭаҭыни – 8.9%; ацәҩычақәеи ашьаҵатәқәеи – 1.8%; анхарҭа, аӡы, афымцалашара, агаз – 11.9%; аҩнымаҭәааҩны арҽеира – 11.0%; агәабзиара ахьчара – -4.2%; атранспорт – 5.2%;аимадара – -0.6%; аԥсшьара, акультура – 7.2%; аҵара – 7.1%; асасааирҭақәа, акафеқәа, аресторанқәа– 13.4%; еиуеиԥшым амаҭәарқәа, амаҵзура – 10.9%.