Сақстат - Евроеидгыла аметодологиала аԥхьаӡара ала ԥхынҷкәын азы аинфлиациа 2.4% иаҟарахеит
Астатистика амилаҭтә маҵзура 2022 шықәса инаркны аиндикатор ҿыц – ахархәаратә ахә агармонизациатә индекс аларҵәара алагеит.
Сақстат адинформациа ала, Евроеидгыла аметодологиала аԥхьаӡара ала, амилаҭтә методологиала иԥхьаӡаз аҵкыс 2024 ԥхынҷкәын азы аинфлиациа 0.5% рыла еиҳан, 2.4% иаҟарахеит.
Евроеидгыла HICP аметодологиала, хазы акомпонентқәа абас ала иԥхьаӡан: афатә аалыҵи арыжәтәқәеи – 3.1%;; алкогольтә рыжәтәқәеи аҭаҭыни – 6.1%; ацәҩычақәеи ашьаҵатәқәеи – -1.8%; анхарҭа, аӡы, афымцалашара, агаз – -2.8%; аҩнымаҭәа аҩны арҽеира – 1.5%; агәабзиара ахьчара – 4.4%; атранспорт – -1.4%; аимадара – -12.3%; аԥсшьара, акультура – 2.3%; аҵара – 5.4%; асасааирҭақәа, акафеқәа, аресторанқәа– 8.7%; еиуеиԥшым амаҭәарқәа, амаҵзура – 6.1%.