Сақстат - Адәныҟатәи ахәаахәҭра иазҳаит 35% рыла
Сақстат - Адәныҟатәи ахәаахәҭра иазҳаит 35% рыла

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа-цәыббра рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 13 612.2 миллион америкатә доллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 35.3% рыла еиҳауп. Иарбоу арыцхә аҟынтә 4 097.2 млн. адоллар аекспорт ауп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 37.4% рыла еиҳауп), аимпорт – 9 515.0 млн. адоллар иаҟароуп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 34.4% рыла еиҳауп).

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа-цәыббра рзы, адәныҟатәи ахәаахәҭра аҿы идуҿҿоу аекспорттә тәылақәа рыхәҭа Қырҭтәыла аекспорт аҿы 79.7% иаҟароуп. Идуӡӡоу хтәылак роуп Китаи (574.8млн. адоллар), Азербаиџьан (488.6 млн. адоллар), Урыстәыла (473.2 млн. адоллар).

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа-цәыббра рзы, адәныҟатәи ахәаахәҭра аҿы идуҿҿоу аекспорттә тәылақәа рыхәҭа Қырҭтәыла аимпорт аҿы 67.1% иаҟароуп. Идуӡӡоу хтәылак роуп Ҭырқәтәыла (1 681.8 млн. адоллар), Урыстәыла (1 243.6 млн. адоллар), Китаи  (829.3 млн. адоллар).