Сақстат - 2024 шықәса актәи аквартал аҿы Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәымтә инвестициақәа 64.4% рыла маҷхеит
Сақстат - 2024 шықәса актәи аквартал аҿы Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәымтә инвестициақәа 64.4% рыла маҷхеит

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла,  Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәымтә инвестициақәа 2024 шықәса актәи аквартал аҿы 201.4 миллион америкатәи адоллар иаҟароуп, ари арбага 2023 шықәса иашьашәалоу апериод аасҭа 64.4% рыла маҷхеит.

Сақстат адыррақәа рыла, 2021 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәылаҿ ишиашоу аинвестициақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла  – 42.4 миллион доллар (ишиашоу атәымтә инвестициақәа 21.0%), аҩбатәи аҭыԥ  – Чехиа – 41.5 миллион америкатәи доллар (ишиашоу атәымтә инвестициақәа 20.6%), ахԥатәи аҭыԥ – ЕАШ – 33.7 миллион доллар (ишиашоу атәымтә инвестициақәа 16.7%).