Сақстат - 2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы аномналтә џьаусԥса 15.3% рыла иазҳан, 2044.5 лари иаҟарахеит
Сақстат - 2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы аномналтә џьаусԥса 15.3% рыла иазҳан, 2044.5 лари иаҟарахеит

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациала, 2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы аномналтә џьаусԥса, ҵыԥхтәи иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, 15.3% рыла (270.9 лари рыла) иазҳан, 2044.5 лари иаҟарахеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аџьаусԥса иаҟарахеит абарҭ ахырхарҭақәа рҿы: аинформациеи аимадареи – 4 309.2 лари (ҵыԥхтәи иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, иазҳаит 15.3% рыла); афинанстәи аԥгаԥсатәи аусзура – 3 110.0 лари  (иазҳаит 14.1 % рыла);  аргылара – 3 062.5 лари (иазҳаит 20.8% рыла); азанааҭтә, аҵарадырратә, атехникатә усзура – 2 920.5 лари (иазҳаит 19.0% рыла).