"Сақстат" -  2022 шықәсазы шықәсыктәи аинфлиациа  10,9% иаҟароуп
"Сақстат" -  2022 шықәсазы шықәсыктәи аинфлиациа  10,9% иаҟароуп

 

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала,  2022 шықәса нанҳәазы Қырҭтәыла аинфлиациа  0,1% иаҟаран, аинфлиациа шықәсыктәи аҩаӡара  — 10,9%.

Шықәсыктәи аинфлиациазы анырра хада аман афатәаалыҵ ахә ашьҭыҵра.

Астатистикатә маҵзура адыррала, ачеи ачалыхи рыхә азҳаит  32,4%-ла, ахши ашәи акәтаҕьи  —  20,8%,  аӡҵәҵәи алкоголь злам арыжәтәи ашәырӡи  —  20,3%, ахәша  —   19,8%, акаҳуеи ачаи акакаои  — 18,7%,  ашьақари аџьемқәеи егьырҭ ахаатәқәеи  — 18,6%, аҧсыӡ  — 13,6 %, акәаци акәацлыхи  — 11,1%,  ашәыр  — 2,5%.  Убри аамҭазы  ауҭраҭых ахә маҷхеит  9,6%-ла.

Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭара инақәыршәаны,   2023 шықәса аҩбатәи азбжа инаркны аинфлиациа 3% иаҟарахоит.