Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ихадароу аамҭазы Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц
Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ихадароу аамҭазы Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц

Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ихадароу аамҭазы Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц.

Қырҭтәыла ахада авидеоааԥхьара “Твиттер” аҿы ҟалҵеит.

“Қырҭтәыла 70 шықса ирылагӡаны Асоветтә ампыҵахалара аҵаҟа иҟан, аха ари иахәамԥшыкәа, адемлкратиеи Европеи рахь амҩа аԥшаара иаҿын”, – Саломе Зурбишвили абри еиԥш ааԥхьара ҟалҵеит Еммануель Макрон иахь.

“Германтәыла ахатә ҭоурых аҟынтә ибзиаӡаны адыруеит европаа  аҭӡамқәа рыла шеиҟәшатәым. Қырҭтәыла апартниори аҩызеи раҳасаб ала, Қырҭтәыла абри амҩаҿ адгылара ахьзаашәырԥшуа агәра згоит,” – илҳәеит Саломе Зурабишвили Франк-Вальтер Штаинмаиер иахь лхы рханы.

“Ауаажәларра аҵакы иаанаго ибзиаӡаны издыруа Евроеидгылазы аҭоурыхтә тәыла еиԥш, атәыла хәыҷ еиԥш, адгылара ҳшәыҳәоит”, – иаиҳәеит Қырҭтәыла ахада Бельгиа аԥыза-министр Александр де Крус.