Саломе Зурабишвили заа ирылалҳәаз амитинг алахәылацәа апарламент аҧхьа еизеит  [афото]
Саломе Зурабишвили заа ирылалҳәаз амитинг алахәылацәа апарламент аҧхьа еизеит  [афото]

Саломе Зурабишвили заа ирылалҳәаз амитинг алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент аҧхьа еизеит.

Амитинг алахәылацәа рҳәамҭала,  жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ҧаршеин. Акциахь днеит Саломе Зурабишвили.

Иацы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Саломе Зурабишвили аргама аалыцҳаит апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа шазхалымҵо. Зурабишвили ишылҳәаз ала,  алхрақәа ҧаршеин,  атәылаҿ урыстәылатәи аоперациа ҷыда мҩаҧган.