Саломе Зурабишвили – Урыстәыла ала украинатәи авокзал  Чаплино ажәылара сгәы ҧнажәеит, Қырҭтәыла аукраин жәлар ирыдгылоит
Саломе Зурабишвили – Урыстәыла ала украинатәи авокзал  Чаплино ажәылара сгәы ҧнажәеит, Қырҭтәыла аукраин жәлар ирыдгылоит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Днепропетровск иҟоу аихамҩатә вокзал аракетақәа рыла  аахара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит.

«Урыстәыла ала украинатәи авокзал  Чаплино ажәылара сгәы ҧнажәеит. Украина ахьыҧшымра амш азы ажәылара цәгьа, аҭынчуаа рзы аварвартә мчылара.  Иҭахаз ауаа сҵәыуеит.  Қырҭтәыла аукраин жәлар ирыдгылоит», — илҩит Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Днепропетровск аихамҩатә вокзал аракетатә аахара аан иҭахеит 25ҩык ауааҧсыра.