Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы аҳасабырба ацәыргараан, украинатәи ажәлар адгылара рзаалырԥшит.
«Иахьатәи ақәгылара мшаԥы 9 рзы иҟалаз ахҭысқәа рыхцәажәарала ахыркәшара сҭахым. Украинатәи ҳҩызцәа рықәԥара сазааҭгылар сҭахуп, урҭ адгылара рзаасырԥшуеит. Ари адгылара аҳәаақәа ирҭагӡаны зыԥшра ҟамҵакуа Киев ацҳаражәҳәаҩ изынҳәра аӡбара ҳадахкылароуп,» – илҳәеит Саломе Зурабишвили.