Саломе Зурабишвили украинаа Киев амш рыдылныҳәалеит
Саломе Зурабишвили украинаа Киев амш рыдылныҳәалеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили украинаа  Аҳҭнықалақь амш рыдылныҳәалеит.

Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы илҩит:
«Ишәыдаҳныҳәалоит Киев амш! Европатәи ақалақь ссир 1540 шықәса ахыҵит, абри ақалақь афырхаҵаратә аҧеиҧш лаша амоуп. Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа иҿырҧшыгоу аҕәҕәарала иалкааз киеваа ирыдаҳныҳәалоит», — илҩит Саломе Зурабишвили.

Иахьа , лаҵара  29 рзы, Украина Киев амш азгәарҭоит. Раҧхьаӡа акәны ари амш азгәарҭеит  1982 шықәсазы, Киев  1500 шықәса ахыҵра инамаданы.