Саломе Зурабишвили – Украина адгылара азаасырҧшыр сҭахуп, ианаамҭаз Қырҭтәыла ишалалаз  еиҧш Украина иаламлап  ҳәа сгәыҕуеит
Саломе Зурабишвили – Украина адгылара азаасырҧшыр сҭахуп, ианаамҭаз Қырҭтәыла ишалалаз  еиҧш Украина иаламлап  ҳәа сгәыҕуеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина адгылара азаарҧшны, ишазгәалҭаз ала,  Урыстәыла Украина иаламлап ҳәа дгәыҕуеит.

Амедиахаҭарнакцәа данырҧылоз Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, агрессиа хаангьы алҵшәа ахылҵуам. Саломе Зурабишвили абарҭ апроцессқәа адиалог арежим ашҟа ииасып ҳәа дгәыҕуеит.

«Украина адгылара азаасырҧшыр сҭахуп, ианаамҭаз Қырҭтәыла ишалалаз  еиҧш Украина иаламлап  ҳәа сгәыҕуеит. Абри аҩыза ауранагӡара алҵшәа ахылҵуам. Иахьатәи адунеи аҽаҧсахит, ХХ-тәи ашәышықәсазы иҟалаз ахҭысқәа реиҭамҩаҧгара ҟалом. Абри аҩыза азнеишьала ҳаргьы, адемократиатә дунеигьы, Европагьы, аӡәгьы  аглобалтә шәарҭарақәа дзырҿагылом. Убри аҟынтә, апроцессқәа зегьы адиалог аформат ашҟа ииасып ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.