Саломе Зурабишвили – Украина аҭынчра ахьчаразы иалшоз зегьы ҟанаҵеит, аха, зымҽхак дуу урыстәылатәи агрессиа  изацәымцеит, иахьа, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, Қырҭтәыла Украина иадгылоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, иахьа Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧысраны иҟаз амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара асессиа иаҧыхуп.   

Зурабишвили лҳәамҭала, иахьазы амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара аганахьала зҵаара заҵәык ауп иқәгылоу  — Украинеи, Украина адгылареи.

«Иахьа абра имҩаҧысраны иҟаз амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара асессиа иаҧыхуп, избанзар иахьазы  амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара аганахьала зҵаара заҵәык ауп иқәгылоу  — Украинеи, Украина адгылареи. Иахьа Украина арыцҳара иҭагылоуп. Аҭынчра ахьчаразы ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы,  Урыстәылатәи агрессиа изацәымцеит. Иахьатәи амш Қырҭтәылазгьы аҭынчра иадгыло европатәи адемократиатә амилаҭқәеи  рзгьы  атрагедиатә мшуп, избанзар, адиалог амҩаҧгаразы аҽазышәарақәа шыҟазгьы, Европа агәҭаны аибашьра иалагеит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.