Саломе Зурабишвили – Сара ҳәатәыс исымаз зегьы сҳәеит, уажәы аусурахь сцоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитингахь днеит.
Акциа алахәылацәа Зурабишвили ибзианы илҧылеит.
Анеҩс, Саломе Зурабишвили Русҭавели имҩаду аҟынтә Апрезиденттә ахан аҟынӡа шьапыла дцеит.
«Ҳәатәыс исымаз зегьы сҳәеит, уажәы аусурахь сцоит», — илҳәеит Зурабишвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иахьа Қырҭәтыла апарламентаҿ алхратә коллегиа алахәылацәа Қырҭтәыла афҵбатәи ахада далырхуеит. Уи аамҭазы, апарламент ахыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит.